Аурысцәа Донецктәи аокруг иаҵанакуа Соавианск ақалақь ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит, иҭахази ахәрақәа заузи рацәаҩуп
Аурысцәа Донецктәи аокруг иаҵанакуа Соавианск ақалақь ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит, иҭахази ахәрақәа заузи рацәаҩуп

Аурысцәа Донецктәи аокруг иаҵанакуа Соавианск ақалақь ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит. Иҭахеит 6-ҩык, ахәрақәа роуит 15-ҩык. Ари атәы аалыцҳаит Донецктәи аокруг администрациа апрессмаӡаныҟәгаҩ Татиана Игнатченко.

“Фҩык ҭахеит, 15-ҩык. Абомбалажьра ӷәӷәа мҩаԥган. Ауаа рзы ара ишәарҭам. Аевакуациа амҩаԥгара алшара ҳамоуп”, – илҳәеит Игнатчук.

Уаанӡа Славианск ахырхарҭала аракетатә жәылара иазкны аинформациа алаирҵәеит ақалақь ахада. Иажәақәа рыла, аҵыхәҭәантәи амшқәа рзы аурысцәа Славианск ахырхарҭала хымҽхак ҭбаау аахақәа мҩаԥыргеит.