Украинатәи аих - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа аиланхарҭака абомбақәа аларыжьит, аԥхасҭа аиуит ахәыҷбаҳча, аахақәа зауз иҟоуп
Украинатәи аих - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа аиланхарҭака абомбақәа аларыжьит, аԥхасҭа аиуит ахәыҷбаҳча, аахақәа зауз иҟоуп

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа аиланхарҭак абомбақәа аларыжьит, аԥхасҭа аиуит ахәыҷбаҳча, аахақәа зауз иҟоуп. Ари атәы аарыцҳаит Украина еидҵоу мчра апрессцентр аҟынтә.

“Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа ацинизм ду ала Лугансктәи аокруг иаҵанакуа аиланхарҭа “Станица Луганская” абомбақәа аларыжьит.  Атеррористцәа артиллериатә бџьар хьанҭа рзы иадырхәит ахәыҷбаҳча ахыбра ахырхарҭала. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ҩыџьа атәылауаа аахақәа роуит,” – иануп апрессцентр аҳәамҭа аҿы.

Апресцентр аинформациа ала,  абомбақәа аларыжьра амшла аԥхасҭа аиуит акоммуналтә инфраструктура, аиланхарҭа хәҭак фымцалашарада аанхеит.