Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аракетатә аахара амшала Краматорск иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит ааҩык рҟынӡа
Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аракетатә аахара амшала Краматорск иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит ааҩык рҟынӡа

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аракетатә аахара амшала Краматорск иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит ааҩык рҟынӡа, иҭахаз иреиуап хҩык ахәыҷқәа. 56ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Украина Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аҭыҧаҿы уажәгьы аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Иацы аурыс арбџьармчқәа Украина мрагыларатә ахәҭаҿы иҟоу  ақалақь Краматорск аракетақәа аларыжьит, ракетак акрыфаратә обиект иақәшәеит.