Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Херсон иалалахьеит
Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Херсон иалалахьеит

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Херсон иалалахьеит.

АИХ адыррала, ақалақьуаа украинатәи абираҟқәа рыла адәахьы идәылҵны, украинатәи аруаа аҧсшәа рарҳәоит.

Аларҵәара зауз афотоҭыхымҭақәа рҿы аарҧшуп Херсон агәҭаны, Ахақәиҭра ашҭаҿ ишьҭыху  Украинеи Евроеидгылеи абираҟқәа.

Абҵара 9 рзы Урыстәыла арратә напхгара аҳәамҭа ҟарҵеит урыстәылатәи арбџьармчқәа Херсон иалганы, Днепр армарахьтәи аҟәарашҟа ишиарго азы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, Херсон ақалақь аҟынтә ар алгара хыркәшан абҵара 11 асааҭ  05:00 рзы.