Ахы иақәиҭуп аурысцәа итҟәаны ирымаз Бахмут ахырхарҭа зыхьчоз 103-ҩык украинатәи аруаа. Ари ааицҳаит Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермак.
Ермак идыррақәа рыла, урҭ иреиуп ааҩык аофицарцәа, 98-ҩык аруаа, асержант.
„Урҭ Бахмут азы иқәԥон, ифырхацәоуп, аӷа ҳтәыла мраҭашәарахь алалара алшара рырымҭеит”, – иҳәеит Ермак.
Рзы иақәиҭу аруаа ирун уаанӡа хабарда иӡит ҳәа иԥхьаӡаз арратә маҵзуҩцәа.