Украина вице-аԥыза - Иахьа Мариуполь аҟынтә аҳәсеи, ахәыҷқәеи зықәрахь инеихьоу ауааԥсыреи ревакуациа иалагароуп
Украина вице-аԥыза - Иахьа Мариуполь аҟынтә аҳәсеи, ахәыҷқәеи зықәрахь инеихьоу ауааԥсыреи ревакуациа иалагароуп

Иахьа Мариуполь аҟынтә аҳәсеи, ахәыҷқәеи зықәрахь инеихьоу ауааԥсыреи ревакуациа иалагароуп, – илҳәеит Украина вице-аԥыза  Ирина Верешук.

Ирина Верешук ишаалыцҳаз, иахьа, шьыбжьон  Мангушеи Бердиански ирылсны, Запорожие ахырхарҭала агуманитартә коридор аартхоит.

„Мариуполь иҟоу акатастрофатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, ҳамчқәа рконцентрациа ари ахырхарҭала наҳагӡоит“, – илҳәеит Ирина Верешук.

Аевакуациа зҭаху ауааԥсыра асааҭ 14:00 инаркны Таганрог амҩаҿ аизара иалагароуп.

Верешук ишаалыцҳаз, аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп, убри аҟынтә амаршрутқәа ԥсаххар ҟалоит.