Украина ахада Владимир Зеленски Херсон даҭааит
Украина ахада Владимир Зеленски Херсон даҭааит

Украина ахада Владимир Зеленски Херсон даҭаан, аибашьҩцәа рахь ахазырхара ҟаиҵеит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.

“Ԥхьаҟа ҳцоит. Аҭынчра ҳазыхиоуп, ҳтәыла зегьы аҿы аҭынчра ашьақәыргылара ҳазыхиоуп”, – иҳәеит Зеленски Херсонтәи ашҭа хадаҿ данықәгылоз.

Зеленски Натои егьырҭ адгылаҩцәеи иҭабуп ҳәа раиҳәеит Урыстәыла аҿагылараҿ ацхыраара азы. Украина ахада ишазгәеиҭаз, америкатәи артиллериатә аракетатә системақәа (HIMARS) раиура Киев азы ацхыраара дуун.

Украинатәи ар Херсон ахынҳәра алшеит абҵара 11 рзы.