Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнак идыррақәа рыла, иҟоу адыррақәа рыла, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, Қырҭтәыла иаҭааит 4100-ҩык Украина атәылауаа
Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнак идыррақәа рыла, иҟоу адыррақәа рыла, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, Қырҭтәыла иаҭааит 4100-ҩык Украина атәылауаа

Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнак Андреи Касанов  идыррақәа рыла, иҟоу адыррақәа рыла, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, Қырҭтәыла иаҭааит 4100-ҩык Украина атәылауаа, урҭ реиҳараҩык агрессор-тәыла иқәҵит.

„Украина иқәҵуа атәылауаа рхыԥхьаӡара есымша иазҳауеит. Ахҵәацәа рхыԥхьаӡара 2.5 миллионҩык иреиҳауп. Урҭ реиҳараҩык аҳәсеи ахәыҷқәеи роуп. Украина ахьӡала агәыла-тәылақәеи аҩыза-тәылақәеи зегьы ахцәажәа рыдкылареи ацхыраареи рзы иҭабуп ҳәа расҳәоит.  Украина аибашьла иалагеижьҭеи, Қырҭтәыла иаҭааит 4100-ҩык Украина атәылауаа. Украинаа Қырҭтәыла аҭаара иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 инаркны, урҭ реиҳараҩык агрессор-тәыла иқәҵит. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы Украинеи Урыстәылеи реибашьра иахҟьаны атәылаҿ иҟоу украинаа рыдшыларазы Қырҭтәыла аиҳабыра зда ԥсыхәа амам аӡбара аднакылоит ҳәа ҳгәыӷуеит,” – иҳәит Андреи Касанов