Украина аԥошьҭа - Украина агуманитартә аидара ашьҭрала, 191 тәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла актәи аҭыԥ ааннакылоит
Украина аԥошьҭа - Украина агуманитартә аидара ашьҭрала, 191 тәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла актәи аҭыԥ ааннакылоит

Украина агуманитартә аидара ашьҭрала, 191 тәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла актәи аҭыԥ ааннакылоит, – ари атәы аанацҳаит украина тәи аԥошьҭа Ukrposhta.

Аусҳәарҭа аинформациа ала,  аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Румыниа –  80 тонна агуманитартә аидара, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит Бельгиа – 40 тонна.

“Украина агуманитартә аидара ашьҭра  “Қырҭтәыла аԥошьҭеи” украинатәи аԥошьҭеи еицынарыгӡеит. “Қырҭтәыла аԥошьҭа” акампаниа адагалн, украинатәи жәлар рыдгыларазы аднакылаз аӡбареи, Қырттәыла аиҳабыра рыӡбареи инрықәыршәаны, афизикатә хаҿқәа хәыԥсада Украина агуманитартә аидара ашьҭра рылшоит.