ВВС - Киевтәи аобласт аҿы 900-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаауп
ВВС - Киевтәи аобласт аҿы 900-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаауп

Киевтәи аобласт аҿы 900-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаауп. Ари атәы аанацҳаит ВВС Киевтәи аобласттә полициа аиҳабы Андреи Небитов иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

ВВС аинформациа ала, украинатәи аган Киев ааигәара ирыԥшаауа аԥсыҭбарақәа рхыԥхьӡара иазҳауеит.

«900-ҩык рыԥсыбаҩқәа ҳаԥшаан, аӡбара-медицинатә експертизахь ииаҳгеит», —иҳәеит Андреи Небитов.

Небитовиажәақәа рыла, Буча 350-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаауп. Киев ааигәара иҟоу Бордианкаи Макарови аилаҳақәа рҿы аԥсыҭбарақәа рыԥшаара иаҿуп. Иҭахаз зегьы аҭынч тәылауаа роуп.