ВВС аколл-центрқәа рсхема иазкны афильм аланарҵәеит
ВВС аколл-центрқәа рсхема иазкны афильм аланарҵәеит

Британиа ауаажәлрратә дырраҭара – ВВС аколл-центрқәа рсхема иазкны ланарҵәаз афильм аҿы ари асхема аиҿкааҩыс Давид Кезерашвили иоуп ҳәа иазгәаҭоуп.

Сааҭки бжаки ицо адокументтә фильм аҿы деталла иаарԥшуп европатәи атәылауаа рцәырҳәра иазкыз аколл-центрқәа рсхема. Афилм аҿы Давид Кезерашвили “мистер Ошфор” ҳәа ихьӡырҵеит.

Афильм иалалеит Қарҭ, Пиқсель ахыбоак аҿы имҩаԥгаз аоперациа ҷыда акадрқәа.

ВВС ажурналист ишааицҳауа ала, аԥара зцәырӷьычыз ауаа рсиа ибеит, урҭ иреун Британиа атәылауаагьы.

ВВС ахаҭарнакцәа аколл-центрқәа рымзызла аԥхасҭа зауз тәылауаак ринтервиуқәа ианырҵеит. Афильм аҿы урҭ рыхьӡқәа рҳәом.

Афильм аҿы аколл-центрқәа рсхема амзызла азарал збаз ахаҵеи ԥҳәыси тәанчуаа ишырҳәо ала, ирцәырӷьычит 340 000 фунт.

Уаанӡа BBC ицәырнагеит европатәи атәанчуаа рцәырҳәра иазкыз ажурналисттә усеилыргара алҵшәақәа,  иаарҧшыз аҕьычратә схема аиҿкааҩс дарбоуп Давиҭ Кезерашвили.

BBC адыррақәа рыла,  акиберацәгьауцәа рглобалтә аҳа алахәылацәа аинвесторцәа аҧара рцәырҕьычит.  Азарал миллиард адоллар иаҟароуп. Ари аинформациа аладырҵәеит ателееилахәыра ажурналистцәа – аусеилыргаҩцәа.

Ажурналисттә усеилыргара инақәыршәаны, аханатә ацәгьахәыцҩцәа, аҭелла ауааҧсыра ирацәажәаны, аҧара арҳара имариоу асхема рыдаргалон, анеҩс, ркредиттә картақәа рдыррақәа рымхны, аҧара рцәырҕьычуан.

BBC адыррала, ари аус иалахәын  125 еилахәырақәа, урҭ иреиуп Қырҭтәыла аус зуа, акриптовалиутала ихәаахәҭуа афирма  Solo Capitals.

Ажурналистцәа рдыррақәа рыла, аполициа ари аҳа рдыруеит  «Милтон гәыҧ» ахьӡала.