Иракли Ҕарибашвили - Европатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи ирасҳәар сҭахуп,  дара арадикалтә оппозициаа ианырҧыло, ирдыруазароуп  ртәылауаа аҧара рцәызҕьычоз ауаҩҧсы аҧара ззоуижьҭуа апартиа ахаҭарнакцәа ишырҧыло
Иракли Ҕарибашвили - Европатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи ирасҳәар сҭахуп,  дара арадикалтә оппозициаа ианырҧыло, ирдыруазароуп  ртәылауаа аҧара рцәызҕьычоз ауаҩҧсы аҧара ззоуижьҭуа апартиа ахаҭарнакцәа ишырҧыло

Аиаша еилкаауп, – ишеилкаахаз ала, ҳтәылауаҩ, ҧасатәи атәылахьчара аминистр, Кезерашвили уажәшьҭа жәларбжьаратәи ацәгьаура алахәылас даарҧшуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла аусеилыргаратә усбарҭақәа, аколцентрқәа рус азы, Германтәыла аусеилыргаратә усбарҭақәа акутивла аус рыцыруеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Кезерашвили иҕьычыз аҧара арадикалтә екстремисттә оппозициаа ирзоурышьҭуан.

„Угәы ҧызжәаша фактк сазааҭгылар сҭахуп, – жәларбжьаратәи, атрансмилаҭтә ацәгьаура, аколцентрқәа ирыдҳәалоу абри ацәгьаура аартуп. Иахьа ари азҵаара сзалацәажәо шәасҳәар сҭахуп, – раҧхьа иргыланы, ари азҵаара салацәажәоит, избанзар,  ҳтәылауаҩ иоуп ари ацәгьаура ҟазҵаз, зеиҧшҟамлац зымҽхак дууз аҕьычратә схема мҩаҧган, убри амшала, европатәи атәылақәа рҿы 1  миллиард  адоллар ма евро рҕьычит. Ишәгәалашәозар ҟалап, аҵыхәтәантәи ашықәс иалагӡаны арадикалтә оппозициа еиуеиҧшым ахарадҵарақәа ҳзықәдыргылон, аха, аиашаз, дара рхаҭа иҕьычу аҧара рхы иадырхәон. Ҳәарада, уи иҧхашьагоу, угәы ҧызшәаша фактуп. Ҳара Германтәыла аусеилыргаратә усбарҭақәа активла аус рыцаауан. Аусеилыргаратә ҳусбарҭақәа, инақәырәшаны, ҩышықәса рыҩныҵҟа Германтәыла аусеилыргаратә усбарҭақәа аус рыцыруан. Дара аусура ду еицымҩаҧыргеит, ҳара, ҳганахьала, акрызҵазкәа алагала ҟаҳҵеит абри жәларбжьаратәи аҕьычратә схема аарҧшра аус аҿы. Аиаша еилкаауп, – ишеилкаахаз ала, ҳтәылауаҩ, ҧасатәи атәылахьчара аминистр, Кезерашвили уажәшьҭа жәларбжьаратәи ацәгьаура алахәылас даарҧшуп, ҳәарада, уи катастрофоуп, угәы ҧызжәаша фактуп, ишыжәдыруа ала,  зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы, уаанӡагьы ақырҭуа ар аҧара ацәиҕьичит, абизнесменцәа дрықәыҕәҕәон, уажәы, Европа амасштабла  ацәгьауратә аҕьычратә схема еиқәиршәеит, иареи иеилахәыреи атәынчуаа аҧара рцәырҕьычит. Миллиард адоллар азарал рзааигеит. Убри аҟынтә, арадикалтә, естремисттә оппозициа ахаҭарнакцәа европатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи ианырҧыло, европатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи ирдыруазароуп дара ртәылауаа аҧара рцәызҕьычоз ауаҩҧсы аҧара ззоуижьҭуа апартиа ахаҭарнакцәа ишырҧыло. Ҳәарада, уи иҧхашьагоу фактуп, аха, аиаша ахьеилкаахаз  сеигәырҕьеит. Ишәгәалашәозар ҟалап, ҵыҧх, ҳара иаҳхарарҵон атәыла анапхгара абри асхема иалахәызшәа, уажәы, ВВС, Британиа Ауаажәларратә дырраҭара аиаша шьақәдыргылеит, уажәшьҭа ауаажәлар зегьы  уи рдыруеит.  Убри аҟынтә, арадикалтә оппозициа есымша адеструктивтә шьаҿақәа рыҟаҵара ацынхәрас, ҳажәлар мацара ракәымкәа, уажәшьҭа Европа ауааҧсырагьы рҿаҧхьа  есымша аҭамзаара шьҭарҵалароуп, дара ауааҧсыра рзы аилыркаарақәа ҟарҵароуп аоппозициатә спектр зегьы, аоппозициатә партиақәа реиҳара, ртелехәаҧшрақәа уҳәа, рызынтәгьы, европатәи атәанчуаа ирцәырҕьычыз  аҧара рхы изадырхәо. Ари азҵаара сазааҭгылар сҭахын. Абри иуадаҩыз аусеилыргара иалахәыз ҳтәыла аусеилыргаратә усбарҭақәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, ҳареи европатәи ҳколлегацәеи интенсивла аус еицаауан, абри ацәгьауратә схема иалахәыз ацәгьауцәа зегьы ахьырхәра роуп ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.