Володимин Зеленски идикылаз аӡбарала, Украина абџьармқәа реиҳабыс Валери Залужныи ицынхәас, Александр Сырски дҟаиҵеит
Володимин Зеленски идикылаз аӡбарала, Украина абџьармқәа реиҳабыс Валери Залужныи ицынхәас, Александр Сырски дҟаиҵеит

Володимин Зеленски идикылаз аӡбарала, Украина абџьармқәа реиҳабыс Валери Залужныи ицынхәас, Александр Сырски дҟаиҵеит. Ари атәы Зеленски Телеграмм-канал аҿы аицҳаит.

Александр Сырски Украина ашьаҟартә мчқәа дырхагылан.

„Аинрал Залужныи ҩышықәсатәи амаҵзуразы иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Аиааира цыԥхьаӡазы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иареи украинатәи аибашьцәеи. Иахьа гәаартыла ҳахцәажәеит ар аҿы аԥсахрақәа шымҩаԥгатәу. Зыԥшра ҟамҵакуа иҟаҵатәу аԥсахрақәа.  Аинрал Залужныи ҳгәыԥ аҿы даанхарц сиҳәеит, ари дақәшаҳаҭыр, даара сеигәырӷьоит”, – ааицҳаит Зеленски.

Украина ахада иажәақәа рыла, иахьарнахыс Украина абџьармчқәа рнапхгараҭара агәыԥ ҿыц анапаҿы иҟоуп.