Владимир  Зеленски иҳәамҭала, Ҟрым адипломатиатә мҩала архынҳәра алшара иҟалар ҟалап
Владимир  Зеленски иҳәамҭала, Ҟрым адипломатиатә мҩала архынҳәра алшара иҟалар ҟалап

Аиадертә еибашьра ҳацәшәаны Урыстәылатәи афедерациаҟны аиҿцәажәарақәа ҳалагар  —  уи ахҧатәи адунеитә еибашьра алагароуп иаанаго, иҳәеит Украина ахада агентра  Reuters аинтервиу аҿы.

«Уи адгьыл ақәхроуп иаанаго. Амаҵзура ҷыдақәа, адунеитә ҧшыхәрақәа, адунеи иҟәышӡоу ауааҧсыра Урыстәыла уи азхәыцра азин зарҭо сзеилкаауам.   Ус зыҟалом ҳәа сгәы иаанагоит.  Ҳара, зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқарра иадҳәаланы азҧхьагәаҭарақәа ҳзыҟаҵом, аха, саҭамзааит, ари аҳәынҭқарра ҳацәшәаны аиҿцәажәара ҳалагар  —  уи иҟалар зылшо авариантқәа зегьы иреицәоуп. Уи ахҧатәи адунеитә еибашьра алагароуп иаанаго», — иҳәеит  Зеленски.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, аиадертә бџьарла иқәмақаруа ауаа рацәажәара ҟалом, адунеиаҿ урҭ рҩызцә ауаа иҟамзароуп, абри ауп  изызхәыцтәу.

Иара убас, Зеленски ишиҳәаз ала, Ҟрым адипломатиатә мҩала архынҳәра алшара иҟазар ҟалап.

«Ари аҵакырадгьыл адеокупациа азутәуп, уаҳа ҧсыхәа иҟам. Ҳәарада, Украина ауааҧсыра Ҟрым аҭынчмҩала архынҳәра иаҳа иадгылоит.  Ари азҵаара иалацәажәода, ианалацәажәо уҳәа, арҭ азҵаарақәа макьана аҭак сызрыҭом. Аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп,  ҳҵакырадгьылқәа  анҳархынҳәлак, Украина ҭынч анхара алшоит», — сказал Зеленский.