Викториа Нуланд лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина ақәлар, ЕАШ  иаҭакны 18 сценари амоуп
Викториа Нуланд лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина ақәлар, ЕАШ иаҭакны 18 сценари амоуп

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина ақәлар, ЕАШ иаҭакны 18 сценари амоуп.

Ари атәы Нуланд аалыцҳаит британиатәи аҭыжьымҭа “Фаиненшал ҭаимс” аинтервиу аҿы. Нуланд лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина аганахьала агрессиа мҩаԥнагар, ЕАШ-и адгылаҩцәеи иашьашәалоу аҭакқәа рымоуп, урҭ иреиуоуп афинанстәии аекономикатәи санкциақәа.

Аха ари иахәамԥшыкәа, Нуланд лажәақәа рыла, Аҩны шкәакәа аинтересқәа иалоуп Москва ахаҭарнакцәа рҟны адиалог мҩаԥнагар.