Вахтанг Гомелаури -   250 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәыла иаҭааит ҳәа аларҵәара зауз аинформаиа ииашам, атәыла иалало ауаа рхыҧхьаӡра азҳаит  40-45% мацарала
Вахтанг Гомелаури -   250 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәыла иаҭааит ҳәа аларҵәара зауз аинформаиа ииашам, атәыла иалало ауаа рхыҧхьаӡра азҳаит  40-45% мацарала

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури  ишиҳәаз ала,  250 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәыла иаҭааит ҳәа аларҵәара зауз аинформаиа ииашам, атәыла иалало ауаа рхыҧхьаӡра азҳаит  40-45% мацарала.

«Абри ахыҧхьаӡара ахьынтәаажәго сыздыруам. Хәымшҟа раҧхьа иҟаз адыррақәа рыла, Қырҭтәыла иаҭааит  5000 – 6000ҩык Урыстәыла атәылауаа. Уажәазы  атәыла иалало ауаа рхыҧхьаӡра азҳаит  40-45% мацарала.  Иаауа рхыҧхьаӡара иаҿаҳарҧшыр, урҭ рҟынтә  60% атәыла иалҵуеит. Иахьазы арҭ арыцхәқәа дууп ҳәа аҳәара ииашам. Насгьы, арҭ ауаа реиҳара, арратә маҵзура иацәцар рҭахуп. Џььоукы аҳәаа аркны Урыстәыла атәылауаа аашәмышьҭроуп ҳәа рҳәоит, егьырҭ ргәаанагарала дара украинаа ирмабашьырц азыҳәан иаашәышьҭроуп ҳәа рҳәеит. Апозициа цқьа ишьақәыргылатәуп. Арҭ ауаа атәыла алалара азин раҳҭо ираҳамҭо?», — иҳәеит  Гомелаури.