Ваке апаркаҿ аӡыршәқәеи аӡеихыҽҽеи реиҭашьақәыргылара иалагеит
Ваке апаркаҿ аӡыршәқәеи аӡеихыҽҽеи реиҭашьақәыргылара иалагеит

«Қарҭ ахадара Ваке апаркаҿ аӡыршәқәеи аӡеихыҽҽеи реиҭашьақәыргылара иалагеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, раҧхьатәи аетапаз иашьашәалоу аҭҵаарақәа мҩаҧганы, апроект ҟарҵоит.

«Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аӡыршәқәеи аӡхыҽҽеи раҧхьатәи рсахьа еиҭашьақәҳаргылоит.  Аенергоеффективтә арлашаратә система шьақәҳаргылоит, аӡылеиқәырәшаратәи адренажтәи системақәеи афымцамҩангагақәеи аханатә иҳарҽеиуеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Калаӡе иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит 2027 шықәса ааҧынраз.