The Times – Британиа Ду  хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнер» атеррористтә аиҿкаарақәа рсиа ианырҵоит
The Times – Британиа Ду  хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнер» атеррористтә аиҿкаарақәа рсиа ианырҵоит

Британиа Ду  хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнер» атеррористтә аиҿкаарақәа рсиа ианырҵоит, —  аанацҳаит The Times.

Аҭыжьымҭа адыррала, Британиа аиҳабыра рхаҭарнак ишьақәирҕәҕәеит ҩымз инагӡоз аиуристтә процедурақәа рышьҭахь,  зыӡбахә ҳәоу арратә гәыҧ хымҧада атеррористцәа рсиа ишаларгало.

The Times ишану ала, ари аӡбара амч анаиулак,  арратә гәыҧ  «Вагнер» алахәызаара, иаартны уи адгылара,  ма алоготип аныҟәгара ашьауҕатә ацәгьаурас иҧхьаӡахоит.