Иракли Кобахиӡе Кир Стармер Британиа Ду апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара идиныҳәалеит

13:30, 05.07.2024

«Кир Стармер Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи раҳра апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара идысныҳәалоит», — иҩит асоциалтә каҭаҿы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

«Аԥыза-министр иҭыԥ аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьасшьоит, ҳтәылақәа рыбжьара апартниорра арӷәӷәаразы иеиҳабыраҟны аусеицура сазыхилоуп», — иахгәеиҭеит аԥыза-министр.

Еиԥшу