The Telegraph – Шәамахьтәыла аҳәааҿы азербаиџьантәи ар амобилизациа мҩаҧысуеит
The Telegraph – Шәамахьтәыла аҳәааҿы азербаиџьантәи ар амобилизациа мҩаҧысуеит

The Telegraph аинформациа ала,  Шәамахьтәыла аҳәааҿы азербаиџьантәи ар амобилизациа мҩаҧысуеит. Аҭыжьымҭа ишану ала, азербаиџьантәи аруаа рмашьынақәа  «аибашьра адыргақәа» рнырҵоит, урыстәылатәи аргьы Украина иажәылаанӡа абас ҟарҵон.

The Telegraph адыррала, «Аинформациатә ҭышәынтәалара ацентр» (CIR) ицәырнагаз аҧшыхәратә материалқәа инрықәыршәаны, Азербаиџьан аибашьразы рҽазыҟарҵоит ҳәа Шәамахьтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа ииашазар ҟалап.

«Аинформациатә ҭышәынтәалара ацентр» ишаанацҳаз ала,   азербаиџьантәи абазақәа рҿы имҩаҧысуа активтә ауранагӡара инаваргыланы, Азербаиџьани Израиль арратә аеродроми рыбжьара аҧыррақәа  иаҳа ирацәахеит.

Азербаиџьантәи арратә дырга  – иаарҳәу анбан  «А»-и астилизациа зызу анбан  «F»-и иреиҧшуп, бжеиҳарала, ари адырга  арратә ашьаҟатә аидаратә машьынақәеи акәылӡмашьынақәеи  ирнырҵоит.