The New York Times – Урыстәыла, асанкциақәа ирывсны, мраҭашәаратә аелектронтә компонентқәа аиуеит, Шәамахьтәылеи Казахстани рҟынтәгьы
«Урыстәыла, асанкциақәа ирывсны, мраҭашәаратә аелектронтә компонентқәа аиуеит, Шәамахьтәылеи Казахстани рҟынтәгьы», — аанацҳаит New York Times.
Аҭыжьымҭа аинформациа ишану ала, хәажәкыразы европатәии америкатәии ашәахтәи ахәаахәҭратәи ачынуаа аадырҧшит зеиҧшҟамлац ала ирацәаны ачипқәеи егьырҭ аелектронтә компонентқәеи Урыстәыла азыҭира афактқәа, Шәамахьтәылеи, Казахстани, Ацентртә Азиа егьырҭ атәылақәеи ирылганы.
New York Times ишану ала, Америкеи уи адгылаҩцәеи арратә техниказы иаҭаху ачипқәа Урыстәыла анапаҿы иҟамларц азыҳәан иқәҧоит.
«Америка ааглыхреи ашәарҭадареи абиуро амҳәыр зқәу документк аҿы ишазгәаҭоу ала, 2022 шықәсазы Шәамахьтәыла Американтә аанахәеит 2021 шықәса аасҭа 515%-ла еиҳаны ачипқәеи апроцессорқәеи, Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә 212%-ла еиҳаны иаархәеит. Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, усҟан Шәамахьтәыла Урыстәылаҟа идәықәнаҵон ари аалыҵ 97%. Егьи адокументаҿ иалкаауп урыстәылатәи абџьар аҟаҵаразы зҵакы дуу амикросхемақәеи акомпонентқәеи аа-хкык, урҭ руакы аарҧшын урыстәылатәи амҵәыжәҩатә ракета Х-101 амодельқәа руакы аҿы″, — аанацҳаит New York Times.