Цицишвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы клиникаҿы акоронавирус ала ичмазаҩыз асаби дыҧсит
Цицишвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы клиникаҿы акоронавирус ала ичмазаҩыз асаби дыҧсит

Цицишвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы клиникаҿы акоронавирус ала ичмазаҩыз асаби дыҧсит

«Цицишвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы клиникаҿы акоронавирус ала ичмазаҩыз асаби дыҧсит, — ари атәы ааицҳаит аклиника адиректор  Давиҭ Рехвиашвили.

Асаби британиатәи аштамм  «Альфа» иман, аҳақьымцәа ахәыҷы иеиқәырхаразы ирылшоз зегьы ҟарҵеит.

«Ҳклиника мацара акәымкәа, атәыла амедицинатә уаажәларра зегьы асаби ихәышәтәра иалахәын, аха, рыцҳарас иҟалаз, асаби иеиқәырхара ҳалымшеит. Апациент аклиникашҟа даннарга хәымш ихыҵуан», — иҳәеит Давиҭ Рехвиашвили.