Цицишвили иклиникаҿы акоронавирус аҟынтә рҽырыхәшәтәуеит 122ҩык ахәыҷқәа
Уажәазы Цицишвили иклиникаҿы акоронавирус аҟынтә рҽырыхәшәтәуеит 122ҩык ахәыҷқәа, урҭ рҟынтә 20ҩык ареанимациатә аҟәша иҭоуп, — ари атәы ааицҳаит Цицишвили ихьӡ зху қарҭтәи аклиника аҳақьым Давиҭ Рехвиашвили.
Аҳақьым иажәақәа рыла, апациентцәа руаӡәы цәгьала дыҟоуп, аппарат даҿакуп.
«Пациентк иҭагылазашьа цәгьоуп, Баҭымынтә данааргаз цәгьа дыҟан. Апациентцәа реиҳара — шықәсык зхымҵыц асабицәеи ачымазара лаҽқәа змоу ахәыҷқәеи роуп. Авакцинациа иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, 122ҩык ахәыҷқәа рҟынтә 9ҩык мацара рҭаацәа авакцинациа иахысит. Ахәыҷы авирус аҿкаара ашәарҭара дацәцарцаз, аҭаацәеи ахәыҷы иҟны аимадара змоу ауааҧсыреи алаҵа ҟарҵароуп. Насгьы, 12 шықәса еиҳаны изхыҵуа ахәыҷқәагьы алаҵара рзыҟаҵатәуп, уигьы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Рехвиашвили.