Цицишвили иклиника – Акоронавирус злоу ҩыџьа асабицәа уажәгьы рҭагылазаашьа цәгьоуп
Цицишвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы клиника амедицинатә директор Маиа Чхаиӡе ишылҳәаз ала, акоронавирус злоу ҩыџьа асабицәа уажәгьы рҭагылазаашьа цәгьоуп.
«Уажәазы ареанимациатә аҟәша иҭоуп 18ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә ҩыџьа — асабицәа роуп. Рҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп, аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп. Delta аштамм злоу асаби ҷыдала дхьанҭоуп», — илҳәеит аҳақьым.
Лара лажәақәа рыла, иахьазы Цицишвили иклиникаҿы рҽырыхәшәтәуеит 71ҩык ахәыҷқәа.
«Есымша 10-14ҩык апациентцәа ааргоит. Аха, макьана аҭыҧқәа ҳамоуп», — илҳәеит Маиа Чхаиӡе.