Свен Микс - Европатәи ахеилак ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, Қырҭтәыла анапхгара рҟны аконсультациақәа шьаҭас рыҭаны,  ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рсиа шьақәдыргыларц, урҭ рганахьала асанкциақәа аларгаларц
Свен Микс - Европатәи ахеилак ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, Қырҭтәыла анапхгара рҟны аконсультациақәа шьаҭас рыҭаны,  ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рсиа шьақәдыргыларц, урҭ рганахьала асанкциақәа аларгаларц

Европатәи ахеилак ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, Қырҭтәыла анапхгара рҟны аконсультациақәа шьаҭас рыҭаны,  ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рсиа шьақәдыргыларц, урҭ рганахьала асанкциақәа аларгаларц, – иҳәеит Европарламент алахәыла Свен Микс Страсбург, Европарламент асессиаҿ имҩаԥысуаз адебатқәа рҿы данықәгылоз.

“Акандидат статус аиуранӡа, Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион административтә ҳәааҿ дыршьит. Ауаҩшьра ампыҵахалаҩцәа иҟарҵахьаз ацәгьоурақәа рыбжьара зегь реиҳа ихьанҭоу акоуп, аха ари зныктәи фактым. 2008 шықәса рзы Урыстәыла Қырҭтәыла аганахьала иалагаз агрессиеи Қырҭтәыла аҵакырадгьыл анапаҿы аагареи рышьҭахь, абри еиԥш аинцидентқәа лассы-лассы иубарҭоуп. Аҭыԥ рыман Қырҭтәыла атәылауаа рыргәаҟра, рзинқәа реилагара, аиҭаҵра ақәиҭымтәра, иҳәазо ампыҵахалара, абордеризациа, апаспортизациа.

Иахьа Евроеидгыла анаԥшратә миссиа административтә ҳәаа ааигәара амониторинг мҩаԥызго еснагтәи жәларбжьаратәи еиҿкаара  заҵә ауп.

Евроеидгыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еснагь адгылон, ари нагӡахоит, аха ампыҵахалара хыркәшаанӡа, Қырҭтәыла атерриториатә акзаара еиҭашьақәгылаанӡа, ацәгьоурақәа рзы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа ирықәно рықәыршәатәуп.

Европатәи ахеилак ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, Қырҭтәыла анапхгара рҟны аконсультациақәа шьаҭас рыҭаны,  ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рсиа шьақәдыргыларц, урҭ рганахьала асанкциақәа аларгаларц”, – иҳәеит Европарламент алахәыла Свен Микс Страсбург, Европарламент асессиаҿ имҩаԥысуаз адебатқәа рҿы данықәгылоз.

Европарламент алахәылацәа ирыдыркыларан иҟоуп Ҭамаз Гинтури ишьреи Леван Доҭиашивили закәандарала иаанкылареи иақәыӡбо, Қырҭтәыла атәылауаа ирҿагыланы и ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иазку  арезолиуциа.