Шови, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 22-ҩык рҟынӡа
Шови, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 22-ҩык рҟынӡа. Ари ажурналистцәа рахь ааицҳаит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура анапхгаҩы Ҭемур Мӷебришвили..
Мӷебришвили иажәақәа рыла, 11-ҩык рыԥшаара иаҿуп.
“Уажәазы астатистика ԥсаххеит. Риони аӡышьҭраҿ аԥсыбаҩ ҳаԥшааит. Имҩаԥысуеит аԥсы иидентификациа. Иара убас ҳаԥшааит ауаҩы ишьапы ”, – иҳәеит Мӷебрившили.
Шови адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы.