Онтәи амуниципалитет, Шови, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аԥшааратә усурақәа нагӡоит, апроцесс иалахәуп зыԥсы ҭоу амчи, атехника хьанҭеи, афлыкақәеи. Ари атәы аанацҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аԥшаара ареал ҭбаахеит.
„Аԥшааратә усурақәа ирылахәуп аиқәырхаратә флыкақәа, аполициа аҟәшақәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа русуҩцәа, акинологцәа ргәыԥ, атәылахьчареи аинфраструктуреи рминистррақәа русуҩцәа. Аҭыԥ аҿи иҟоуп дронқәеи атехника ҷыдеи.
Аиқәырхаҩцәа рыԥшаахьеит 24-ҩык рыԥсыбаҩқәа, 9-ҩык рыԥшаара иаҿуп”, – иазгәаҭоуп аинформациа аҿы.



