Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Америкеи Зангезуртәи акорридор азы америкатә еилахәырала ахылаҧшра иазку амеморандум азы еиқәшаҳаҭхеит
Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Америкеи Зангезуртәи акорридор азы америкатә еилахәырала ахылаҧшра иазку амеморандум азы еиқәшаҳаҭхеит
Ари аинформациа алараҵәеит аиспан ҭыжьымҭа «Periodista Digital».
Аҭыжьымҭа ишану ала, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Америкеи ари адокумент шьақәдырҕәҕәахьеит.
Апубликациа инақәыршәаны, амеморандум ала иазҧхьагәаҭоуп
«Ҩ-ганктәи арегионалтәи аекономикатәи корридори Трамп ахыхьчаратә игәашәи» апроект анагӡара.
42 километр аура зауа акорридор Шәамахьтәыла Сиуниктәи аобласт иалсны ицоит. Ашәамахь диаспора ироуз адокумнт инақәыршәаны, Сиуник Шәамахьтәыла анапҵаҟа иаанхоит, аха, акорридор ахаҭа иахылаҧшуеит америкатә хазхаҭалатәи аилахәыра.
Аиқәшаҳаҭраҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азуп акорридор ахархәарантә ироуа ахашәалақәа реизшара азҵаара.