Ҭырқәтәыла аенергетика аминистр - Азербаиџьантәи аҧсабаратә ресурсқәа Ҭырқәтәылаҟа рекспорт иадҳәалоу апроектқәа зегьы ҳареи Бақәеи еицынаҳагӡоит
Иахьа Азербаиџьанынтә афымца аекспорт мҩаҧысуеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала, аха, хара имгакәа, аенергоресурсқәа Ҭырқәтәылаҟа рекспорти егьырҭ алогистикатә проектқәеи нагӡахоит Зангезуртәи акорридорла, — иҳәеит Ҭырқәтәыла аенергетика аминистр Алпарслан Баирактар визитла Азербаиџьан даныҟаз.
Иара иажәақәа рыла, азербаиџьантәи аҧсабаратә ресурсқәа Ҭырқәтәылаҟа рекспорт иадҳәалоу апроектқәа зегьы дареи Бақәеи еицынарыгӡоит.
«Ари ахырхарҭала апрогресс ҳамоуп. Ҿырҧштәыс иаазгар сылшоит уажәазы имҩаҧысуа апроектқәа Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳани Бақәа-Қарҭ-Ерзуруми, иара убас, аинтерконнектор Нахичевань-Ҭырқәтәылеи. Иахьа Азербаиџьанынтә афымца аекспорт мҩаҧысуеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала, аха, хара имгакәа, аенергоресурсқәа Ҭырқәтәылаҟа рекспорти егьырҭ алогистикатә проектқәеи нагӡахоит Зангезуртәи акорридорла. Убри адагьы, Ацентртә Азиа иадҳәалоу алогистикатә аӡбарақәеи аенергоресурсқәеи Ҭырқәтәылаҟа инагахоит Азербаиџьан аҵакырадгьыл ала, анеҩс, Ҭырқәтәылантә Европаҟа идәықәаҳҵоит», – иҳәеит Ҭырқәтәыла аенергетика аминистр.