Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Актәи аканал даҭааит
Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Актәи аканал даҭааит

Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан Актәи аканал даҭааит.

Аибадырратә аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩи Қырҭтәыла Актәи аканал ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡеи адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәа Актәи аканал апроект “Аԥштәырацәа Қырҭтәыла” аусуратә процес гәеиҭеит.  Апроект хықәкыс амоуп Қырҭтәыла иқәынхо аетникатә аиҵарақәа рхатәы бызшәала атәылаҿ иҟоу ахҭысқәа рырдырра, аетникатәи арелигиатәи аиҵарақәа ринтеграциа.