Шәамахьтәыла Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵеит аиқәырхаҩцәеи агуманитартә цхыраареи
Шәамахьтәыла Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵеит аиқәырхаҩцәеи агуманитартә цхыраареи

Ашәамахь АИХқәа рдыррақәа рыла, Шәамахьтәыла Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵеит аиқәырхаҩцәеи агуманитартә цхыраареи.

Ҭырқәтәыла апарламентаҿ иҟоу ашәамахь депутат Гаро Паилан ишиҳәаз ала,  шәамахьтәылантә идәықәҵаз агуманитартә цхыраареи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәылаҟа инеихьеит.

Уаанӡа,  Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Ҭырқәтәыла ахала Реџьеп Таип Ердоҕан ҭелла диацәажәан,  ацхыраара идигалеит.

Ердоҕан Шәамахьтәыла аҧыза-министр адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  иаҵшьны иазгәеиҭеит Шәамахьтәылантә ироуа ацхыраара иҳаракны ахә шишьо.