Иаха Шәача Адлертә раионаҿ абылтәы арезервуар амца ацралеит. Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, абылра ҟалеит украинатәи адрон аҧҽыхақәа ркаҳара амшала.
Иара иажәақәа рыла, амца арцәара иаҿуп 127ҩык абылрацәыхьчаҩцәеи 35 цыра атехникеи.
Шәача ахада Андреи Прушунин иҳәамҭала, «заанаҵтәи аинформациала, ауаа акгьы рмыхьит».
Росавиациа адыррақәа рыла, Шәачатәи аҳаирбаҕәазаҿ аамҭала аҧыррақәа аанкылан, аха, анеҩс, аҳаирбаҕәаза аусура еиҭалагеит.