Џьуаншер Бурҷуладзе -  Сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла  иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, иҳҧышәоит  
Џьуаншер Бурҷуладзе -  Сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла  иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, иҳҧышәоит  

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷуладзе  атәылаҿ адронқәа рыҟаҵара апроцесс далацәажәеит.

Ателеканал  «Русҭави-2» иеиҭаз аинтервиу аҿы атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала,  сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла  иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, ирҧышәоит.

«Азеиҧш аилахәыра —  ақәҿиара змоу проектуп. Ҳареи польшатәи агани аусеицура ҳалагеит  2020 шықәсазы. Сынтәа мшаҧымзаз, Қырҭтәыла  иакымкәа адронқәа ҟаҵаны, иҳҧышәоит. Иара убас, аҧышәаратә аҧыррақәа мҩаҧаагоит. Адронқәа ҟарҵоит аҵарадырра-техникатә центр «Дельта» аҵакырадгьылаҿ иҳаргылаз ахыбраҿы», — иҳәеит Џьуаншер  Бурҷуладзе.