Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, уахынла ҭадырхеит украинатәи 21 дронқәа
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, уахынла ҭадырхеит украинатәи 21 дронқәа

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, уахынла Ҟрымтәи, Белогородтәи, Бриансктәи, Калугатәи, Тулатәи арегионқәа рҿы ҭадырхеит украинатәи 21 дронқәа.

“Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿ иҟоу аобиектқәа рхырхарҭала имҩаԥгаз Киев атерористтё жәылара аанкылара ҳалшеит”, – аарыцҳаит аиусҳәарҭа аҟынтә.

Калугатәи аобласт анапхгаҩы Владимир Шафша ишааицҳаз ала, иҭадырхаз аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыԥҽыхақәа хыбрак ахыб ақәҳаит.