Шьалуа Папуашвили –  Украина иадгыло НАТО атәылакгьы ашәарҭара аганахьала ҳара ҳазҭагыло аҭагылазаашьа иҭагылам, аха, ҳара, егьырҭ реиҧшҵәҟьа, Украина адгылара ҳазҿлымҳауп
Шьалуа Папуашвили –  Украина иадгыло НАТО атәылакгьы ашәарҭара аганахьала ҳара ҳазҭагыло аҭагылазаашьа иҭагылам, аха, ҳара, егьырҭ реиҧшҵәҟьа, Украина адгылара ҳазҿлымҳауп

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала,  Қырҭтәыла,  жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы иаартны Украина иадгылоит.

Папуашвили ишазгәеиҭаза ала, Қырҭтәыла хынтә Урыстәыла иабашьхьеит,  атәылаҿ уажәгьы аурыс ар гылоуп.

Шьалуа  Папуашвили иажәақәа рыла, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿгьы Қырҭтәыла,  егьырҭ  атәылақәа реиҧшҵәҟьа,  Украина адгылара иазҿлымҳауп.

«Ҳара НАТО ҳахьчом,  аха,  уезгьы,  жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы иаартны Украина ҳадгылоит.  Украина иадгыло Алианс алахәылацәа  ҳреиҧшымкәа,  ҳара НАТО аҳаргь ҳаҵагылам,  ҳара Урыстәыла аҳәаа ҳаҧнуп,  шықәсык аҩныҵҟала ибзиаӡаны ааҳарҧшит асанкциақәа рывсра азҵаара намысла ҳшазныҟәо.  Ҳара Урыстәыла аҳәаа ҳаҧнуп,  ҳәарада,  асанкциақәа рывсразы ҳҵакырадгьыл ахархәара зҭаххо дҟалап.

Қырҭтәыла хынтә Урыстәыла иабашьхьеит,  атәылаҿ уажәгьы аурыс ар гылоуп. Украина иадгыло НАТО атәылакгьы абри аҩыза ашәарҭара иҭагылам, аха, уезгьы, егьырҭ атәылақәа реиҧшҵәҟьа, ҳаргьы Украина адгылара ҳазҿлымҳауп.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, украинатәи ачынҳаракҩцәақәак ишакәым ала ишҳахцәажәо анаабо уи ҳгәы ҳнархьоит. Украина аиааира азеиҕьаҳшьоит. Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылагьы ашәарҭара иҭагылоуп, — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.

«Аҕмашенебели истратегиа алиадер» Гьаргь Вашаӡе иахьа ишааицҳаз ала,  «Ақырҭуа гәахәтәы» украинатәи Рада аҟынтә аофициалтә ааҧхьара роуит жәабран 24 рзы апарламенттә делегациа Киевҟа инеирц азыҳәан, аха анапхгаратә гәыҧ мап ркит.