Серго Чихлаӡе – 2023 шықәсазы имаҷымкәа акциақәа мҩаҧгахоит, уи Аконституциала иҳәаақәҵоу ақәҧара азинуп, ҳара уи ианаҭаху, иахьаҭаху ҳхы иаҳархәоит
Серго Чихлаӡе – 2023 шықәсазы имаҷымкәа акциақәа мҩаҧгахоит, уи Аконституциала иҳәаақәҵоу ақәҧара азинуп, ҳара уи ианаҭаху, иахьаҭаху ҳхы иаҳархәоит

2023 шықәсазы имаҷымкәа еиуеиҧшым акциақәа мҩаҧгахоит, уи Аконституциала иҳәаақәҵоу ақәҧара азинуп, ҳара уи ианаҭаху, иахьаҭаху ҳхы иаҳархәоит, – иҳәеит   „Аҕмашенебели истратегиа“ алахәыла Серго Чихлаӡе.

Иара ишазгәеиҭаз ала,  „Аҕмашенебели истратегиа“ хықәкыс иамоуп аоппозициатә мчқәа реидкылареи, иаку астратегиеи иаку атактикеи ала аурыс гәахәтәы ахҳәареи.

„Амилаҭтә ҵысра“ алахәылацәа рпартиа аҩныҵҟа иҟоу азҵаарақәа рыӡбоит. Европатәи ахырхарҭа иазыразу ауааҧсыра зегьы рҽеидыркылароуп, иаку аплан, иаку астратегиа ҳамазароуп, уи ҳзыҟамҵар, аурыс гәахәтәы ахҳәара ҳалшом.  2023 шықәсазы имаҷымкәа еиуеиҧшым акциақәа мҩаҧгахоит, уи Аконституциала иҳәаақәҵоу ақәҧара азинуп, ҳара уи ианаҭаху, иахьаҭаху ҳхы иаҳархәоит, – иҳәеит   Серго Чихлаӡе.