Гьаргь Вашаӡе  - Ауаа ирцәырҕьычыз аҧсадгьыл архынҳәразы азеиҧш амилаҭтә, европатәи аҵысра ҳалагароуп
Гьаргь Вашаӡе  - Ауаа ирцәырҕьычыз аҧсадгьыл архынҳәразы азеиҧш амилаҭтә, европатәи аҵысра ҳалагароуп

«Ауаа ирцәырҕьычыз аҧсадгьыл архынҳәразы азеиҧш амилаҭтә, европатәи аҵысра ҳалагароуп, — иҳәеит  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь  Вашаӡе.

Вашаӡе иазҵааит  «Аҕмашенебели истратегиеи», «Лелои», «Гирчии» , аҵысра  «Дроаи» алианск ҳасабала рҽеидыркылар ауама ҳәа?

Вашаӡеи ишиҳәаз ала, ари аидҵара акаолициас изыҟалом.

«Ҳара азеиҧш амилаҭтә, европатәи аҵысра ҳалагароуп, мраҭашәара иазыразу аполитикатә мчқәа зегьы аус рыцаауеит, аха, уи аполитикатә ҵысра мацара акәӡам, уи аполитика-ауаажәларратә ҵысрас иҟалароуп, избанзар, Қырҭтәыла хымҧада еиқәырхатәуп  иахьа атәыла иахагыло проаурыс мчы аҟынтәи. Ақырҭуа жәлар ирцәырҕьычыз аҧсадгьыл ҳархынҳәроуп», — иҳәеит  Вашаӡе.