Гьаргь  Вашадзе – Арежим ҳажәлар рымчи, ракзаареи, реицҿакреи аназаарҧштәу аамҭа ааит
Гьаргь  Вашадзе – Арежим ҳажәлар рымчи, ракзаареи, реицҿакреи аназаарҧштәу аамҭа ааит

«Арежим ҳажәлар рымчи, ракзаареи, реицҿакреи, рпатриотизми, аҧсадгьыл абзиабареи  аназаарҧштәу аамҭа ааит», – иҳәеит  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Уажәазы аҵакы ҷыда амоуп аетап ҿыц ахь аиасра.

«Уаҵәтәи амш аҵакы ду амоуп. Асааҭ  18:00 рзы Европа ашҭа аҟынтә апротесттә марш иалагоит. Ҳәарада, ҳаргьы ари амарш ҳхы алаҳархәоит. Уажәазы аҵакы ҷыда амоуп аетап ҿыц ахь аиасра, зымҽхак дуу акциақәа иалагароуп. Даҽазнык ҳабжьы рдуны иаҳҳәароуп Қырҭтәыла адемократиатә тәылас иҟазар шаҳҭаху, Европа ахырхарҭала ҧхьаҟацара нанагӡар шаҳҭаху, аҿыц алхрақәеи аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи ҳшаҳәо.

Ауааҧсыра зегьы срыҳәоит уаҵәы асааҭ  18:00 рзы Европа ашҭашҟа инеины, амарш рхы аладырхәырц. Ари акциа анеҩстәи ахҭысқәа рзы ахадаратә ҵакы амоуп.   Арежим ҳажәлар рымчи, ракзаареи, реицҿакреи,  рпатриотизми, аҧсадгьыл абзиабареи аназаарҧштәу аамҭа ааит. Ҳара Қырҭтәыла аиааира ҳшазықәҧо дҳарбароуп», – иҳәеит  Вашаӡе.