Апартиа «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе абахҭа дҭыҵит.
Вашаӡе абахҭа данҭыҵуаз ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, аоптимизм ду илоуп.
«Сара аоптимизм ду сылоуп. Қырҭәтыла ауааҧсыра зегыь салам рысҭар сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳара аиааира шаҳго, избанзар, ииашоу атәылаҿ ҳанхалар ҳҭахуп. Ҳара хымҧада ҳҽеиаҳкылароуп. Апартиа реидыхра сгәы иҭам. Зегьы ҳрацәажәароуп, ҳҽеидкыланы, иаку амчла аиааира ҳгароуп», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.
Апартиа «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе Аамҭалатәи апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы, бжьымз аҭакра иқәырҵеит, иара убас, иара ҩышықәса рыҩныҵҟа амаҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.