"Аҕмашенебели истратегиа" ахаҭарнакцәа атәыла ахада лахь ааҧхьара ҟарҵеит  "Административтә зинеилагарақәа ирызку азакәанеидкыла" иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵарц
"Аҕмашенебели истратегиа" ахаҭарнакцәа атәыла ахада лахь ааҧхьара ҟарҵеит  "Административтә зинеилагарақәа ирызку азакәанеидкыла" иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵарц

«Ҳара Қырҭтәыла ахада лахь аҧхьара ҟаҳҵоит  “Административтә зинеилагарақәа ирызку азакәанеидкыла” иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵарц, иара убас, ҳара абри азакәан аханатә адкылара ҳаҳәоит», — иҳәеит  апартиа «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе.

Вашаӡе ишиҳәаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы», цқьа иазымхәыцкәа, апарламент аҿы антидемократиатә закәан рыдыркылеит,  дара аоппозициаа амч наӡа ала апарламент аҿы аусура иалагаанӡа абарҭ аиҭакрақәа мҩаҧыргар рҭахуп.

Иара иажәақәа рыла, ари азҵаара иалацәажәоит аоппозициа ахаҭарнакцәа иахьатәи реиҧылараҿы.

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара уажәааны иаладырҵәаз аинформациа ишану ала,  ирласны абарҭ аҧсахрақәа рыдкылара иахәҭамызт, уи алҵшәа ахылҵуам.