Паата Манџьҕалаӡе – 2024 шықәсазы „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә ақәҵара роуеит, ацкыҟаҵара ҳгәы иҭам, аха, Урыстәылаҟны аимадара змоу ауаа зегьы аҭакҟаҵара рықәшәоит
Паата Манџьҕалаӡе – 2024 шықәсазы „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә ақәҵара роуеит, ацкыҟаҵара ҳгәы иҭам, аха, Урыстәылаҟны аимадара змоу ауаа зегьы аҭакҟаҵара рықәшәоит

2024 шықәсазы „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә ақәҵара роуеит, ацкыҟаҵара ҳгәы иҭам, аха, Урыстәылаҟны аимадара змоу ауаа зегьы аҭакҟаҵара рықәшәоит, – иҳәеит  „Аҕмашенебели истратегиа“ иалахәы Паата Манџьҕалаӡе.

Паата Манџьҕалаӡе ишиҳәаз ала,  ҧасатәи алхрақәа раан апропорциатә система иҟазҭгьы,   „Ақырҭуа гәахәтәы“ усҟангьы иаҵахон.

„Иракли Ҕарибашвили  2014 шықәсазы иҳәеит  „Амилаҭтә ҵысра“ аполитикатә қәыҧшылараҿы иҟам ҳәа,  аха,   „Ақырҭуа гәахәтәы“ иахьанӡагьы  „Амилаҭтә ҵысра“ иақәҧоит.  Амилаҭтә ҵысра аполитикатә қәыҧшылараҿы ишҧаҟам дара иахьагьы хшыҩзышьҭра хада рымазар?  „Амилаҭтә ҵысра“ – аоппозициатә мчы хадоуп, аха,  аконкреттә партиак акәӡам ҳазлацәажәо,   акампаниа ҳалагоит, уаҟа  ауааҧсыра зегьы аиааира иазықәҧар рылшоит. 2024 шықәсазы „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитикатә ақәҵара роуеит, ацкыҟаҵара ҳгәы иҭам, аха, Урыстәылаҟны аимадара змоу ауаа зегьы аҭакҟаҵара рықәшәоит.  Ҧасатәи алхрақәа раан апропорциатә система иҟазҭгьы,   „Ақырҭуа гәахәтәы“ усҟангьы иаҵахон.  Қырҭтәыла анеиқәырхатәу аамҭазы сара аконкреттә партиақәа интересс исымам“, – иҳәеит Паата Манџьҕалаӡе.