Сергеи Шоигу - Ихарҭәаам амобилизациаан арратә маҵзурахь иаарыԥҳьоит 300000-ҩык арезервистцәа
Сергеи Шоигу - Ихарҭәаам амобилизациаан арратә маҵзурахь иаарыԥҳьоит 300000-ҩык арезервистцәа

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу ишааицҳаз, ихарҭәаам амобилизациаан арратә маҵзурахь иаарыԥҳьоит 300000-ҩык арезервистцәа. Шоигу ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин ихарҭәаам амобилизациа анрылеиҳәа ашьҭахь.

Шоигу иажәақәа рыла, Урыстәыла амобилизациазы аресурс ду амоуп – 25 миллионҩык рҟынӡа. Шоигу ишазгәиҭаз, арратә маҵзурахь иаарыԥхьоит арезерви арратә ԥышәа змоу атәылауааи.

Урыстәыла атәылахьчара аминистр иажәақәа рыла, Украинатәи афронт ацәаҳәа аура зқьы километр иаҟароуп.

“Ари ацәаҳәа ӷәӷәатәуп, арҭ атерриториақәа ирхылаԥштәуп, убри азоуп ихарҭәаам амобилизациа заҭаху”, – иҳәеит Сергеи Шоигу.

Шоигу ишазгәеиҭаз, Урыстәыла Украина акәым, аколлективтә мраҭашәара абашьуеит.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит.