Сергеи Лавров – Франциа Урыстәыла иаднагалеит Украина азҵааразы адиалог амҩаҧгара, Киев алархәрада
«Франциа Урыстәыла иаднагалеит Украина азҵааразы адиалог амҩаҧгара, аха, Киев алархәрада», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, убри аамҭазы, Франциа Украинаҟа аҭынчрачаҧаҩцәа рдәықәҵара иаҧшьанагеит, иара убас, украинатәи асолдаҭцәа иазыҟарҵоит.
«Франциатәи ҳколлегацәа изныкымкәа иарку аканалқәа рыла иаҳзаарыцҳаит: «Шәааи, Украина азҵааразы адиалог аиҿкаара ҳацхраап, насгьы, Украина аҽалархәрада. Парижынтә иаауаз абарҭ адыррақәа мраҭашәаратә аҧҟарақәа еиларгон. Арҭ аҧҟарақәа инрықәыршәаны, «Украина аҽалархәрада Украина иазкны жәакгьы ҳәатәым». Абри аҩыза иҩбоу астандартқәа ианубо, франциатәи ҳколлегацәа ринициативала имҩаҧысуа зегьы хшыҩзышьҭра азура уҭаххом», — иҳәеит Серге Лавров.