Сергеи Лавров Азербаиџьанахь ааҧхьара ҟаиҵеит Лачинтәи акорридор аадыртырц  
Сергеи Лавров Азербаиџьанахь ааҧхьара ҟаиҵеит Лачинтәи акорридор аадыртырц  

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Азербаиџьанахь ааҧхьара ҟаиҵеит Лачинтәи акорридор адыртырц.

Амедиа адыррақәа рыла, Сергеи Лавров Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеипун Баирамов ҭелла даниацәажәоз ишиҳәаз ала, Лачинтәи акорридор аҿы зыҧшра ҟамҵакәа аиҭаҵра еиҭашьақәыргылатәуп 2020 шықәса абҵара  9 рзы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иҟаҵаз х-ганктәи аҳәамҭақәа рҿы иарбаз апараметрқәа ирышьашәаланы.

Урыстәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҿцәажәараан иаҵшьны иазгәаҭан  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иацхрааша ахадаратә зҵаарақәа ирыдҳәаланы аҩ-ганк ирзыфеидоу аӡбарақәа рыдкылара аҵакы.