Сергеи Лавров Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалахь дахьынарыҧхьаз амшала Балтиатәи атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ари аминистериал аҽалархәразы мап ркит
Сергеи Лавров Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалахь дахьынарыҧхьаз амшала Балтиатәи атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ари аминистериал аҽалархәразы мап ркит

Сергеи Лавров Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалахь дахьынарыҧхьаз амшала Балтиатәи атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ари аминистериал аҽалархәразы мап ркит.

Ари атәы иануп Естониеи, Латвиеи, Лиетувеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

«Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериал аҽалархәра азин ахьирҭаз даараӡа ҳгәы иалсит. Урыстәыла ахатә пропаганда аларҵәаразы даҽа алшарак аиуит. Аилатәараҿы Лавров илахәызаара амшала, Урыстәыла – агрессор зхы иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа реиҩызара аҽалархәра азин аиуеит.  Ҳара, Естониеи, Латвиеи, Лиетувеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, ари аилатәара ҳхы алаҳархәом, уи иахылҵыр зылшо алҵшәақәа рзы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵом», — иануп Естониеи, Латвиеи, Лиетувеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.