Сергеи Лавров – Қырҭтәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа ирышьашәаланы аус руеит, убри аҟынтә, хара имгакәа аформат 3+3 инагӡаны аус арура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит
Сергеи Лавров – Қырҭтәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа ирышьашәаланы аус руеит, убри аҟынтә, хара имгакәа аформат 3+3 инагӡаны аус арура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Қырҭтәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа ирышьашәаланы аус руеит, убри аҟынтә, хара имгакәа аформат 3+3 инагӡаны аус арура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров  Тегеран, аплатформа  «3+3» адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара ашьҭахь.

Тегеран имҩаҧгаз аиҧылара алахәылацәа еицҿакны иазгәарҭеит Қырҭтәылазы ари аплатформа ашә шаарту.

«Ҳформатаҿ Қырҭтылазы ашәқәа аартуп, уи ҳазынтәгьы ҳақәшаҳаҭуп. Қырҭтәыла анапхгара ари аплатформа аҽалархәразы макьана рыҽзааныркыло еилаҳкаауеит. Ишеилаҳкаауа ала, Қарҭ абри алшара иазхәыцуеит. Ишыҟазаалак,  Қырҭтәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа ирышьашәаланы аус руеит,  дара изныкымкәа уи шьақәдырҕәҕәахьеит,  убри аҟынтә, хара имгакәа аформат 3+3 аус арура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит», – иҳәеит Лавров.

Жьҭаара 22 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аанацҳаит Қырҭтәыла аформат  3+3 аҽаланархәом ҳәа.

«Қырҭтәыла ари аиҧылара иалахәым, ахаангьы иалахәымызт», — ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.