Сергеи Лавров – Ҳара лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара аизыҟазаашьақәа рырҽеира ишазҿлымҳау, баша ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчара азакәзаргьы
Сергеи Лавров – Ҳара лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара аизыҟазаашьақәа рырҽеира ишазҿлымҳау, баша ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчара азакәзаргьы

«Ҳара ҳакәӡам адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанызкылаз, уи Саакашвили иинициатива акәын, иара Америка адгыларала итәылауаа рзы инапы шьҭихит, аҭынчрачаҧаҩцәа рзы инапы шьҭихит. Нас, ихәҭаз аҭак аниоу,  аполитикатәи арратәи аганахьала дшаҵахаз анеиликаа, абри зегьы Урыстәыла иаҿагыло аполитикала хаирҭәаар  иҭаххеит», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров  агентра ТАСС аинтервиу аҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара алшара иазкны ианиазҵаа.

Лавров иажәақәа рыла, дара ахаангьы ақырҭуа жәлар  цәгьала ирызныҟәомызт. Иара убас, Лавров ишазгәеиҭаз ала,  «Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара аизыҟазаашьақәа рырҽеира иазҿлымҳауп, баша ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчара азакәзаргьы».

«Ҳара ақырҭуа жәлар бзиа иаабоит. Урыстәыла аҭоурых аума, Асовет Еидгыла аҭоурых аума, ҳҟазареи, ҳкультуреи, ҳҵарадырреи аҭоурыхаҿ  ақырҭуаа еснагь аҭыҧ ҷыда ааныркылон.

Ҳара лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара аизыҟазаашьақәа рырҽеира ишазҿлымҳау, баша ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчара азакәзаргьы, избанзар, ауаа аимадара рыбжьазар рҭахуп, дара-дара рахь сасра анеира рҭахуп, абизнес еицыҟарҵар рҭахуп.  Ҳара ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвили анапхгара ззиуа аиҳабыра ҳрацәажәан, аҧыррақәа реиҭашьақәыргылареи авизатә режим аҧыхреи азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, избанзар ҳтәылауаа ҧасагьы авизадатә режим рыман. Ҳәарада, абарҭ ашьаҿақәа рыбзоурала, ҳаимадара иаҳа иманшәалахеит. Ареисқәа рхыҧхьаӡареи ргеографиеи иаҳа-иаҳа иҭбаахоит, атауареикәшарагьы азҳара иаҿуп. Ҳара ҳҿы аҩы, борџьоми уҳәа, ақырҭуа традициатә тауарқәа даараӡа бзиа ирбоит», — иҳәеит  Сергеи Лавров.