Сергей Лавров – Урыстәыла НАТОи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи рахь ашәарҭадара иазкны азыҳәамҭа дәықәнаҵеит
Сергей Лавров – Урыстәыла НАТОи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи рахь ашәарҭадара иазкны азыҳәамҭа дәықәнаҵеит

«Иахьа ҳара НАТОи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи рҿы ҳпартниорцәа аофициалтә азыҳәамҭа рыздәықәаҳҵеит  ашәарҭадара азҵаара иадҳәаланы, ҳара конкретла еилаҳкаар ҳҭахуп дара егьырҭ атәылақәа ршәарҭадара ахарџьла рхатә шәарҭадара арҕәҕәара мап ацәкра иазку аҧхықәра анагӡара ргәы ишҭоу. Ари аҧхықәра анагӡара ргәы иҭамзар, амзызқәагьы ҳарҳәароуп», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Иара ишазгәеиҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаарақәа рҟынтә Урыстәыла ироуа аҭак инақәыршәаны, ҳаҧхьаҟа иҟарҵаша рыӡбоит.

«Ажәала мацара акәымкәа, ақьаад иану аполитикатә ҧхықәрақәа мацара ракәымкәа, ҳара Урыстәыла азакәантә интересқәа иазҧхьагәаҭаны  европатәи аконтинент аҿы ашәарҭадара еиқәзыршәаша аиуристтә гарантиақәа ҳаур ҳҭахуп», — иҳәеит Лавров.