Саудтәи Аравиа, Џидда ақалақь аҿы Украинеи ЕАШ-и рхаҭарнакцәа еиԥылоит.
Америкатәи аган аҟынтә аиҿцәажәарақәа рхы аладырхәоит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои ашәарҭадаратә зҵаарақәа рзы абжьагаҩ Маик Уолци. Украинатәи аделегациа иалоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибигеи, ахада иофиа ахада Андреи Ермаки, Атәылахьчара аминистр Рустем Умерови.
Саудтәи Аравиаҿ дыҟоуп Украина ахада Володимир Зеленскигьы, аха уи аиҿцәажәарақәа дрылахәым. Зеленски Саудтәи Аравиа апринц Салман диԥылоит.