Самеба акафедралтә ныхабааҿы аҵәиԥрыга акаҳараан иҭахаз атәылауаа рпанихида мҩаԥысуеит
Самеба акафедралтә ныхабааҿы аҵәиԥрыга акаҳараан иҭахаз атәылауаа рпанихида мҩаԥысуеит

Самеба акафедралтә ныхабааҿы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  аҵәиԥрыга акаҳараан  иҭахаз аԥырҩцәа Леван Чохелии Заза Лориеи, Дима Қааӡеи, Андро Қуџьошвилии, аиқәырхаҩцәа Каха Торчинавеи Гиорги Маргиании, аҳақьымцәа Қеҭи Гулагашвилии Гиорги Винецкии рпанихида мҩаԥысуеит. Атәылауаҩратә панихина нагӡоит асааҭ 14:00-нӡа.

Самеба акафедралтә ныхабааҿы аҷҟәандар Шио иҭахаз рпанихида мҩаԥигоит.

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аԥырҩцәеи аиқәырхаҩцәеи арратә ҳаҭыр ала анышә иарҭоит.

Ԥхынгәы 29 рзы Гудаури аҳәаатә полициа атәыз аҵәиԥрыга каҳаит. Аҵәиԥрыга Гудаури апарапланистцәа реиқәырхаратә аоперациа алахәын. Аҵәиԥрыга иақәтәан аԥырҩцәеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаԥшра амаҵзура аиқәырхаҩцәеи амедикцәеи.